Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Аԥсуа милаҭтә литература арҿиараҿы злагала шьардоу, СССР-и, Аҧсны, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Никәала Кәыҵниа диит 1938 шықәса март 13 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан.
Аҵара иҵон Аҭара, нас – Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школқәа рҟны. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭеи, А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиути, А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институти дрылгеит. 1960 ш. инаркны аус иуан Аҧсуа радио адикторс. 1984 ш. нахыс – 2004 ш. рзынӡа – ҩеижәа шықәса инеиԥынкыланы ажурнал «Алашара» аредактор аус иуан, 2004 ш. инаркны 2010 ш. рзынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.